Иахьа Апарламент аҟны имҩаԥысит Алхас Барцыц напхгара зиҭоз Жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратә еимадарақәеи, аџьынџьуаа рымадареи рзы аилак инарҭбаау аилатәара. Аилатәара далахәын Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩцәа Фазлыбеи Аҩӡба, Асҭамыр Аршба, Ашот Миносиан, Апарламент адепутатцәа реиҳараҩык.
Иахәаԥшын «Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны иҟоу аобиект Урыстәылатәи Афедерациа аҭареи уи ахархәареи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыреи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәаразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан апроект.
Азакәан апроект алацәажәара иалахәын иааԥхьаз Аԥсны Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәымба, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, Аҳәынҭқарратә мазара напхгараҭареи априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Беслан Кәыбраа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы Наҭела Ломиа, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Ауаҩы изинқәа рзы азинмчы змоу Асида Шьаҟрыл, Пицундатәи ақалақьтә Еизара ахантәа Мурат Аџьба, Аизара адепутатцәа, Пицунда ақалақь ауажәларра ахаҭарнакцәа.
Аиқәшаҳаҭра иаҵаҩын Москва 2022 шықәса ажьырныҳәамза 19 рзы. Уи иазԥхьагәанаҭоит амазаратә комплекс хәыда-ԥсада Урыстәылатәи Афедерациа аҭара, иара убас қьырала амшын иаԥну адгьылҭыԥқәа аҭара.
Абри азакәанапроект ианахәаԥшуаз, адепутатцәа уи иацыз алкаақәа. Иара убас ирылаҳәан 1995 шықәса цәыббрамза 14 рзы изҵаҩыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаареи Пицунда иҟоу аҳәынҭқарратә обиектқәа рхархәаразы Урыстәылатәи Афедерациа аусбарҭа хадеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра. Ари Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 2 инақәыршәаны «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара Урыстәылатәи Афедерациа Аусбарҭа хада Пицунда иҟоу аҳәынҭқарратә дачақәа №8, 9, 10 иҟоу аҳәаақәа ирҭаку адгьылҵакырақәеи еиҭамҵуа даҽа мазараки хәыда-ԥсада ахархәаразы азин рынаҭоит».
Иахьа Апарламент аҟны ицәыргаз Аиқәшаҳаҭра уи аԥхьа иахәаԥшын Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаараҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра иҟанаҵаз афинанс-економикатә анализ ҳасаб азуны, иара убас Аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиустициа аминистрра Аԥсны Аҳәынҭқпрра азакәанԥҵара иахьынӡашьашәалоу азы алкаа.
Аилатәара алахәцәа аобиект ахархәара аҭоурых иазку аинформациа нарҭбааны ироуит
Беслан Кәыбраа иҟнытә. Аҳәынҭқарратә мазара напхгараҭареи априватизациеи рзы аҳәынҭқарратә еилакы Аиқәшаҳаҭра шьақәырӷәӷәатәуп ҳәа иаԥхьаӡоит.
Конструктивла имҩаԥысыз адискссиаҟны, аилатәарахь иааԥхьаз ахаҿқәа ари азҵааразы ргәаанагара рҳәеит, адепутатцәа рызҵаарақәа жәпакы рҭакқәа ҟарҵеит.
Пицунд ахаҭарнакцәа рганахьала ирҳәеит ақалақьи Лӡаа ақыҭеи ауааԥсыра ргәы иҵхо атәы. Абри инамаданы Аԥыза-министр Александр Анқәаб дақәшаҳаҭны иҳәеит изҵаҩу Аиқәшаҳаҭра аԥсны Аҳәынҭқарра аинтересқәа ишрықәшәо.
Аилатәара аихшьалақәа рыла Аилак алахәцәа азыӡба рыдыркылеит ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Апарламент асессиа аилатәараҟны «Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациа рыбжьара Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу аобиект Урыстәылатәи Афедерациа иахатәтәны аҭареи уи ахархәашьа аԥҟареи рзы Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәаразы» азакәан апроект адкылара абжьыргарц азы.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

07.07.2022
Поделиться в соцсетях: