НОВОСТИ

Ҭаҭарсҭан Ареспублика Аҳәынҭсовет аҟны имҩаԥысит Лаша Ашәбеи Фарид Мухамеҭшини реиԥылара
12.07.2022
Поделиться в соцсетях:

Ҭаҭарсҭан Ареспублика Аҳәынҭсовет аҟны имҩаԥысит Лаша Ашәбеи Фарид Мухамеҭшини реиԥылара

Ҭаҭарсҭан Ареспублика Аҳәынҭсовет аҟны имҩаԥысит Лаша Ашәбеи Фарид Мухамеҭшини реиԥылара
Ԥхынгәымза 11 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны   имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Ҭаҭарсҭан Ареспублика Аҳәынҭсовет Ахантәаҩ Фарид Мухамеҭшини реиԥылара. Аиԥылара далахәын иара убас Аҳәынҭсовет Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Иури Камалтынов.
Аиԥылара аартуа, Ҭаҭарсҭан Ареспублика Аҳәынҭсовет Ахантәаҩы  иаҵшьны иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵак ду змоу Ҭаҭарсҭан апартниорцәа ишыруаӡәку, иазгәеиҭеит ахәаахәҭра-економикатә, агуманитартә, апарламентбжьаратә усеицура иамоу аҵакы.
Лаша Ашәба Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламенти Ҭаҭарсҭан Апарламенти рыбжьара алҵшәа змоу аусура мҩаԥыслоит агәыӷра шимоу атәы.
  «Иҟоуп Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ҭаҭарсҭан Ареспубликеи рыбжьара аусеицуразы алшара ду, ари алшара хархәара аҭатәуп», - иҳәеит иара.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы зҿлымҳара аиҭеит Ҭаҭарсҭан Аҳәынҭқарратә Совет азакәанԥҵаратә усура аԥышәа.
Фарид Мухаметшин иҳәеит Аҳәынҭсовет аҟны иаԥҵоу изықәнагоу аилакқәеи аексперттә хеилакқәеи, урҭ рыҩныҵҟа иҟоу апарламенттә комиссиақәеи, афракциақәеи, адепутаттә гәыԥқәеи русура атәы.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иҳәеит лыҵшәа змоу аусура иацҵахоит ҳәа игәы ишаанаго, иара убас Ҭаҭарсҭан Аҳәынҭқарратә Совет Ахантәаҩы Фарид Мухаметшин Аԥсны Аҳәынҭқаррахь ааԥхьара ииҭеит.
Аиԥылара ахыркәшо, Лаша Ашәбеи Фарид Мухаметшини агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.