НОВОСТИ

 Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак изаамҭанытәиу аилатәара
12.07.2022
Поделиться в соцсетях:

Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак изаамҭанытәиу аилатәара

Дауҭ Хәытаба ихантәаҩрала иахьа имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак изаамҭанытәиу аилатәара. Иахәаԥшын «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект. Уи иазԥхьагәанаҭоит  Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара алаҵара икоммерциатәым аиҿкаарақәа иҿыцу рыхкқәа – аҳәынҭқарратә корпорациа, ишьақәнарӷәӷәоит аҳәынҭқарратә корпорациа азинтә ԥҟара аҷыдарақәа шьақәзыргыло хазы игоу анормақәа.
Аилак алахәцәа азыӡба рыдыркылеит абри азакәанапроект аус адуларазы иақәнагоу аспециалистцәа адԥхьаланы ахцәажәара ацҵаразы.
  Иара убас иацҵаны ахцәажәаразы аҿҳәара иахыргеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак еиҿкаау ацәгьоура аҿагылара ахәҭаҟны аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект.
Аилатәара амш азҵаара инақәыршәаны ирылацәажәеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аӡы аобиектқәа рыҟны ауаа рыԥсҭазаара ахьчара аусхк аҟны аилагарақәа рзы аҭакԥхықәра адҵара  ахәҭаҟны аԥсахрақәа ралагаларазы», «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаус-процессуалтә Закәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәанапроектқәа.
Арҭ азакәанапроектқәа рыхцәажәара аихшьалақәа рыла Аилак Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент иабжьнагеит асессиа аилатәара актәи аԥхьараан ирыдыркыларц.