НОВОСТИ

Имҩаԥысит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак изаамҭанытәиу аилатәара
13.07.2022
Поделиться в соцсетях:

Имҩаԥысит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак изаамҭанытәиу аилатәара

Аԥсны Жәлар Реилазара – Апарламент аҟны имҩаԥысит Резо Занҭариа хантәаҩра ззиуаз Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиақәеи рзы аилак изаамҭанытәиу аилатәара.
Аилак аҟны иалацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аныҳәатә аусуратә мшқәа рымзар жьҭаарамза 12 – Аԥсны Аҳәынҭқарра Анаплакҩы имши ԥхынҷкәынмза 22 – Афымцамч аусзуҩы имши залагалара абжьырго «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аныҳәатә, агәаларшәагатә мшқәа рзы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект.
Иара убас, амш азҵаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ирыхәаԥшын «Иаартны аизакаахәарази»  «Абылратә шәарҭадара иазку Атехникатә ԥҟара аҭахрақәа рзи» азакәан апроектқәа ирызку азгәаҭақәеи ажәалагалақәеи. Урҭ аҩбатәи аԥхьараан рыдкыларазы азырхиара мҩаԥысуеит.