НОВОСТИ

  Лаша Ашәба Зураб Маршьан иубилеи идиныҳәалеит
16.07.2022
Поделиться в соцсетях:

Лаша Ашәба Зураб Маршьан иубилеи идиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Аминистрцәа Реилазаара Аппарат  анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Лаша Ашәба Зураб Маршьан иубилеи идиныҳәалеит.

Адныҳәалара атекст аҟны иҳәоуп:

  «Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит 70 шықәса шәхыҵра арыцхә!
Шәара ҳтәылаҟнеиԥш, уи анҭыҵгьы ибзианы шәырдыруеит. Шәыԥсҭазаара аиҳарак аҳәынҭқарра амаҵ аура иазкуп. Шәара ҩынтә Очамчыра араион Аизара адепутатс шәалхын, Очамчыра араион  Администрациаҟны еиуеиԥшым амаҵзурақәа рҿы активла араион ауааԥсыра ргәы иҵхоз азҵаарақәа рыӡбара шәацхраауан. Акыр шықәса раахыс Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара Аппарат аҟны ишәҟазшьоу аҭакԥхықәрала шәнапы иану аус анагӡара шәаҿуп.  
Шәара шәыхьӡ ҳтәыла акультура аҭоурых аҟны ахатә ҭыԥ ааннакылахьеит. Акәашаратә ҟазара аарԥшуа, шықәсарацәала Аҳәынҭқарратә жәлартә кәашара ансамбль «ШЬараҭын» аколлектив арҿиара иазҿлымҳау ауаа ргәы ҟашәҵон. Ари аусхк аҟны шәылшамҭақәа рзы ишәыхҵоуп «Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.
Хара ахә ҳаракны иаҳшьоит шәара шәлагаламҭа Аԥсадгьыл ахь ахынҳәра иазку ауснагӡатәқәа рыӡбараҟны, ҳџьынџьуаа – адунеи аҟны еиуеиԥшым атәылақәа рҿы инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рымадара арӷәӷәареи, аҿиареи рус аҟны.  

Ҳаҭыр зқәу Зураб Кәута-иԥа, шәааԥсара зегьы алҵшәа бзиақәа аанагааит, бзабааны ишәԥылааит!  
Ишәзеиӷьаҳшьоит еицакра змам агәамч, ақәранҵыра ду!».