НОВОСТИ

Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак аус зуа азакәанԥҵарахь арҽеирақәа инарымаданы ажәалагалақәа ирыхәаԥшит
18.07.2022
Поделиться в соцсетях:

Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак аус зуа азакәанԥҵарахь арҽеирақәа инарымаданы ажәалагалақәа ирыхәаԥшит

Иахьа имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак изаамҭанытәиу аилатәара. Аилатәара хантәаҩра азиуан Аилак ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба. Аилатәараҟны адепутатцәа азыӡырҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә ӡбара ахантәаҩы Лиудмила Хоџьашьвили Аконституциатә ӡбараҟны иавтоматырку аӡбара-информациатә система алагалара ахьынӡаҭаху азы иҟалҵаз ааԥхьара, иара убас аус зуа азакәанԥҵарахь  арҽеирақәа ралагалара инамаданы Аконституциатә ӡбара иҟанаҵаз ажәалагалақәа.
Аилак иара убас иахәаԥшит «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект. Уи иазԥхьагәанаҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара икоммерциатәым аиҿкаарақәа рыхкы ҿыц - аҳәынҭқарратә корпорациа. «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект азы аилыркаагатә шәҟәаҟны иаҳәоит икоммерциатәым аиҿкаарақәа рыхкы алагалара ахықәкы хадақәа ишреиуоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аҿиаразы иаҭаху аинвестициатә цхыраагӡақәа раԥҵара
Азакәанопроект ахцәажәараҟны иалахәын ААР Аекономикеи азини ринститут адиректор Заур Шьалашьааи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аиурист Ӡирасса  Ӡиӡариеи. Урҭ ари азҵааразы ргәаанагарақәа рҳәеит. «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект адепутатцәа ахәаԥшразы ицәыргахоит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент асессиа аилатәарахь.