НОВОСТИ

Апарламент аҟны иазырхиоуп Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны АИХ ажурналистцәеи атехникатә специалистцәеи раккредитациазы Аԥҟара ҿыцқәа рыпроект
19.07.2022
Поделиться в соцсетях:

Апарламент аҟны иазырхиоуп Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны АИХ ажурналистцәеи атехникатә специалистцәеи раккредитациазы Аԥҟара ҿыцқәа рыпроект

Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент азакәанапроекттә усура аҟәша иазнархиаз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны АИХ ажурналистцәеи атехникатә специалистцәеи раккредитациазы Аԥҟара ҿыцқәа рыпроект ахцәажәара иазкыз Аҵареи, аҭҵаарадырреи, абызшәатә политикеи, адини, АИХ русқәа рзы аилак аилатәара
  Аилатәара мҩаԥигеит уи ахантәаҩы Инар Саӡба.
Аԥҟарақәа азырхиоуп Апарламент аусура аазырԥшуа ажурналистцәа русура анормативтә ҳәаақәҵара аиӷьтәразы иҟоу аҭахра, иара убас 2001 ш. жьҭаарамза 20 ирыдыркылаз аус зуа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ажурналистцәа раккредитациа аԥҟарақәа рактуалра ацәыӡра инамаданы.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра амассатә информациа ахархәагақәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 45 инақәыршәаны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа, аиҿкаарақәа, аусҳәарҭақәа,  ауаажәларратә еидгыларақәа русбарҭақәа зыхьӡ адырбо ажурналистцәа аккредитив рырҭоит аредакциақәа арҭ аусбарҭақәа, аиҿкаарақәа, аусҳәарҭақәа ишьақәдыргылаз аккредитациа аԥҟарақәа рықәныҟәарала.  
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны АИХ ажурналистцәеи атехникатә специалистцәеи́ аккредитив рыҭара аԥҟарақәа ишьақәдыргылоит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны АИХ ажурналистцәеи атехникатә специалистцәеи́ аккредитив рыҭара аԥҟарақәа ажурналистцәа русуразы изықәнагоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара хықәкыс иҟаҵаны.  
Арҭ Аԥҟарақәа рыла иҳәаақәҵахоит аккредитациа аиуразы аҭахҳәага алаҵара аԥҟара, аҭахҳәага иацу изықәнагоу адокументқәа реиқәыԥхьаӡа, аҭахҳәагақәа рыхәаԥшра аҿҳәара, атәымтәылатә журналистцәа аккредитив рыҭара аԥҟарақәа, аккредитациатә картақәа рыҭара аԥҟара. Иара убас Аԥҟарақәа ишьақәдыргылоит аккредитив зауа ажурналистцәеи атехникатә специалистцәеи рзинқәеи рықәнагақәеи, ишьақәдыргылоит аккредитив аҭара мап ацәкреи аԥыхреи аныҟало аҭагылазаашьақәа.  ́
Ицәыргаз Аԥҟарақәа рыпроект аԥҟарақәа рыхцәажәара анаҩс, Аҵареи, аҭҵаарадырреи, абызшәатә политикеи, адини, АИХ русқәа рзы аилак
азыӡба аднакылеит уи Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент изаамҭанытәиу асессиа аилатәара амшахәаԥштә аҩныҵҟа ахәаԥшреи адкылареи рзы анагара.