НОВОСТИ

Лаша Ашәба Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит
23.07.2022
Поделиться в соцсетях:

Лаша Ашәба Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар! Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ амш!

Аҭагылазаашьа аныуадаҩыз, 1992 шықәса ԥхынгәымза 23 рзы аԥсуа жәлар рҭоурых аҟны иҟалеит ахҭыс ду – Владислав Арӡынба дызхагылаз Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аҳәынҭқарратә символиказы Азакәан аднакылеит.
Ишьақәыргылан ҳажәлар акыраамҭа иззыԥшыз адыргақәа, Аҳәынҭқарратә герби Аҳәынҭқарратә бираҟи – аԥсуа ҳәынҭқарратәра асимволқәа.

Аибашьра ашықәс хьанҭақәа раан Аԥсны ахьчаҩцәа хьӡырҳәагақәа Аԥсадгьыл аҿаԥхьа ҭоуба руан Аҳәынҭқарратә бираҟ иаҵагыланы.

Абираҟ ҳара ҳәынҭқарра асуверенитет символра азнауеит, ианыԥшуеит уи аҭоурых, ажәытәӡатәи атрадициақәа, Аԥсуа жәлар рдоуҳамч, рҟазшьа.

Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар, аҵак дуӡӡа змоу абри амш аҽны ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара, анасыԥ, аҭынчра, аизҳазыӷьара!».