НОВОСТИ

Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент изаамҭанытәим асессиа аилатәара
21.07.2022
Поделиться в соцсетях:

Имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент изаамҭанытәим асессиа аилатәара

Иахьа Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба инапхгарала Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа русуратә еизараҟны иалацәажәеит  «Амч змауз Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны иҟоу аобиект Урыстәылатәи Афедерациа ахатәтәразы аҭареи уи ахархәара аԥҟареи ирызку Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭразы» Азакәан апроект Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ақәшәазааразы азыҳәамҭа зцу Аконституциатә ӡбарҭахь ааԥхьаразы» Ақәҵара апроект.
Аизараҟны адепутатцәа изаамҭанытәим Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент изаамҭанытәим асессиа аилатәара амҩаԥгаразы  азыӡба рыдыркылеит. Аилатәараҟны абри Ақәҵара рыдыркылеит.
Ақәҵара атекст:
  «Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны ашьақәырӷәӷәаразы иалагалоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны иҟоу аобиект Урыстәылатәи Афедерациа ахатәтәразы аҭареи уи ахархәара аԥҟареи ирызку Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи 2022 шықәса ажьырныҳәамза 19 рзы Москва ақ. аҟны ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра.
Инагоу Аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра ҭҵааны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ахәҭаҷ 721 ахәҭа 2 апункт б), «Аӡбаратә мчхаразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан ахәҭаҷ 46 ахәҭа 1 апункт 1) аиҵапункт б), «Аконституциатә иурисдикциазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла ахәҭаҷқәа 87, ахәҭаҷ 88 апункт 1),   «Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа рзы»  Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан  ахәҭаҷ 36 ахәҭа 1» рықәныҟәарала, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент иақәнаҵоит:

1. Иҟаҵазааит Аконституциатә ӡбарҭахь ааԥхьара Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны иҟоу аобиект Урыстәылатәи Афедерациа ахатәтәразы аҭареи уи ахархәара аԥҟареи ирызку Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи 2022 шықәса ажьырныҳәамза 19 рзы Москва ақ. аҟны ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа ақәшәазааразы азыҳәамҭа зцу.      
2. Ари Ақәҵара амч аиуеит ианрыдыркыла аҽны инаркны».