НОВОСТИ

Аԥсни Алада Уаԥстәылеи 08.08.2008 шықәсазтәи ахҭысқәа ргәаладыршәоит
08.08.2022
Поделиться в соцсетях:

Аԥсни Алада Уаԥстәылеи 08.08.2008 шықәсазтәи ахҭысқәа ргәаладыршәоит

Алада Уаԥстәыла Ареспубликаҟны аибашьра анхацыркыз аахыс 14 шықәса аҵра инамаданы Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Алада Уаԥстәыла Ареспублика Апарламент Ахантәаҩы Алан Тадтаев ихьӡала ашәҟәы ишьҭит.

  «Ҳаҭыр зқәу Алан Сергеи-иԥа! Аладауаԥстәылатәи ажәлар ахаангьы ирхашҭраны иҟаӡам Қырҭтәыла Алада Уаԥстәыла Ареспублика аганахьала 2008 шықәса нанҳәамза 8 рзы ихацнаркыз хәымштәи аибашьратә агрессиа иадҳәалоу зегьы.

Алахьеиқәра амш аҽны Аԥсны жәлар Алада Уаԥстәыла ажәлар ирыдгыланы иргәаладыршәоит хыԥхьаӡара рацәала ауаа ахьалаӡыз ишьаарҵәыроу ахҭысқәа раан аӷа хәымга иҿагыланы ақәԥараҟны ахақәиҭра агара шрылшаз.

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала иазгәасҭарц сҭахуп иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, иара убас ҳаишьаратә ауаԥс жәлар зегьы рхьаа шрыцеиҩаҳшо

Ишьақәгылааит наунгӡа шәҳәынҭқарраҟны аҿиареи аизҳазыӷьареи алзыршо аҭынчра».