Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара Амш аҽны Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Апарламент адепутатцәеи Аҟәа Ахьӡ-Аԥша абаҟеи Алада Ешыра ақыҭан Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Арӡынба ибаҟеи рымҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, аиҳабыра алахәцәа, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азин-мчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Алада Уаԥстәыла Ареспублика Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Приднестровие Ахаҭарнакра Ахада Гарри Кәупалба, аррамаҵурауаа, аибашьра аветеранцәа. иҭахаз аибашьцәа ранацәа, ауаажәларра ахаҭарнакцәа.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

14.08.2022
Поделиться в соцсетях: