Нанҳәамза 14 рзы 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи 30 шықәса аҵра инамаданы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
Ааԥхьараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалагеижьҭеи 30 шықәса ҵит, аха 1992 ш. нанҳәамза 14 амш ҳгәалашәараҿы иаанхеит Ҳаԥсадгьыл зҭагылаз арыцҳара бааԥс арыцхә аҳасабала, аха убри аангьы Аԥсны жәлар рхачҳареи рфырхаҵареи ирсимволны.
1992 шықәса нанҳәамза 14 рзы Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Григори-иԥа Арӡынба иҟаиҵаз Ааԥхьараҟны иҳәеит: «Ҳара иҳақәлеит абџьарла рҽеибыҭаны ҳнырҵәареи ҳақәхреи хықәкыс измоу ацәгьоуцәа рыла ишьақәгылоу Қырҭҭәыла Аҳәынҭсовет... Урҭ ҭынч, ацивилизациатә ҟазшьа змоу амҩала ҳаизыҟазаашьақәа рымҩақәҵаразы ирыдаҳгалаз ажәа аҭак ҟарҵеит атанкқәа, аҳаирпланқәа, абзарбзанқәа, ашьрақәа, ақәыларақәа рыла… Ари ибзианы иаанарԥшуеит иахьа Қырҭтәыла анапхгараҟны иҟоу рхаҿра… Ари ҳаҵамхароуп, ҳара ҳхьаҵраны ҳаҟаӡам, Аԥсны аӡра, ақәхра гәҭакыс измоу ҳариааиуеит…».
Аԥсны жәлар рзы хеиқәырхара мҩасы иҟалеит агрессор бџьаршьҭыхла иҿагылара, ари ҳажәлар рзы Џьынџьтәылатә еибашьрахеит.
Владислав Григори-иԥа ихьӡ еиԥш, зықьҩыла Аԥсадгьыл ахьчаразы игылаз ҳҵеицәеи иҳадгыларц азы хатәгәаԥхарала иааз аибашьцәеи рыхьыӡқәа Аиааира иасимволхеит.
Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара амш аҽны ҳара ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит хаҭа-хаҭала аҭынч ԥсҭазаареи, ихьыԥшым аҳәынҭқарреи рыҟны анхаразы, аизҳазыӷьаразы алшара ҳазҭаз. Урҭ ргәлашәара лаша ҳацзаауеит есқьынгьы».
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

Поделиться в соцсетях: