Нанҳәамза 15 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш азгәарҭоит.
Иахьа, нанҳәамза 15 рзы 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз Кавказ ашьхарыуа жәларқәа р-Конфедерациа аштаб ахьыҟаз ахыбраҟны имҩаԥысуеит Хатәгәаԥхаралатәи аибашьҩы имш иазку аусмҩаԥгатәқәа.
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Апарламент адепутатцәеи 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Агәаларшәагатә усмҩаԥгатәқәа ирылахәын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Аԥыза-министр Александр Анқәаб, аиҳабыра ахаҭарнакцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Алада Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

15.08.2022
Поделиться в соцсетях: