НОВОСТИ

Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба ианашьоуп «Уаԥстәыла Ахьӡ-Аԥшазы» аҳамҭа
15.08.2022
Поделиться в соцсетях:

Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба ианашьоуп «Уаԥстәыла Ахьӡ-Аԥшазы» аҳамҭа

Гәдоуҭа ақалақь аҟны Хатәгәаҧхаралатәи аибашьҩы имш аҽны Аҩада Уаԥстәыла – Аланиа Ареспублика Апарламент адепутат Зелимхан Ватаев Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба ианаишьеит «Уаԥстәыла Ахьӡ-Аԥшазы» аҳамҭа.

"Уаҧстәыла Ахьӡ-Аԥшазы" аҳамҭақәа ранашьан иара убас Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, уи ихаҭыҧуаҩ Беслан Ҵәыџьба, Аҧсны аспорт аусқәа рзы Ахада иабжьгаҩ Ахра Ашәба, афонд "Иаҳгәалашәоит" анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Лиалиа Чамагәуа.

Иара абри аҩыза амедал иҧсҭазаара даналҵ ашьҭахь ианашьан Аҧсны Аҳәынҭқарраә Актәи Ахада Владислав Арӡынба.

"Уаҧстәыла Ахьӡ-Аԥшазы" аҳамҭақәа ранашьаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит Аҩада Уаԥстәыла – Аланиа Ареспублика Ахада Сергеи Мениаило.