НОВОСТИ

Лаша Ашәба Алан Тадтаев Алада Уаԥстәыла Ареспублика азхаҵара Амш идиныҳәалеит
26.08.2022
Поделиться в соцсетях:

Лаша Ашәба Алан Тадтаев Алада Уаԥстәыла Ареспублика азхаҵара Амш идиныҳәалеит

  Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Алада Уаԥстәыла Ареспублика Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала иаиуз азхаҵара Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

  «Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит 2008 шықәса нанҳәамза 26 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Алада Уаԥстәыла Ареспублика аназханаҵаз Амш
Ари амш инаркны ҳажәларқәа рҭоурых аҽаԥсахит, урҭ рыҿиаразы аамҭа ҿыц алагеит.   Урыстәылатәи аганахьала Афедерациа Алада Уаԥстәыла Ареспубликеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи разхаҵара иалнаршеит аҭынчреи ашәарҭадареи реиқәырхара.
Ииасыз ашықәсқәа рыҩныҵҟала Алада Уаԥстәыла Ареспублика аԥсҭазаараҟны аиҭакра дуқәа ҟалеит, иубартә иҟоуп аекономикатәи асоциалтәи хырхарҭақәа рыла иҟоу аихьӡарақәа, гәыҩбарагьы ыҟам ауаԥс жәлар рҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рыӡбара шрылшо азы. Ҳара агәра аагоит аҭоурыхтә иашареи ақәнагеи ирҿагыларц згәы иҭоу амчқәа акгьы шрылымшо.
Ҳаҭыр зқәу Алан Сергеи-иԥа!
Абри амш азы Алада Уаԥстәыла Ареспублика ажәлар ирзеиӷьасшьоит аихьӡара ҿыцқәа аҳәынҭқарра аргылараҟны».