Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба имҩаԥигеит Аҧсны Аҳәынҭқарра официалтә визитла иаҭааз аделегациа напхгара азызуа Шьамтәылатәи Арабтә Республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистр Феисал аль-Микдади иԥылара.
Аиԥылара иалахәын Урыстәыла иҟоу Шьамтәылатәи ацҳаражәҳәаҩ Риад Ҳаддад, Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатәи Азинмч змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Баграт Хәытаба, егьырҭ аофициалтә хаҿқәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент ахьӡала асасцәа аԥсшәа раҳәо, Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иҳәеит: «Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит аглобалтә процессқәа шыуадаҩхазгьы, Шьамтәыла аганахьала иҟоу аибарххаара макьана ишҭышәынтәаламгьы, ҩ-ганктәи амшхәаԥштә аҟны иқәгылоу инарҭбааны азҵаарақәа рылацәажәаразы Аԥсныҟа аара ахьшәылшаз».
«Идыруп, ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара аиҩызаратә, акультуратә, хаҭалатәи аимадарақәа шыҟоу, урҭ рахьтә аҭоурыхтә шьаҭақәа рацәоуп, - иҳәеит иаҵшьны Апарламент Аиҳабы. Урҭ рыҿиара даҽа мыч ҷыдак аиуит 2018 шықәса лаҵарамза 28 рзы – Шьамтәылатәи Арабтә Республика Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра аназханаҵа.
Иазгәасҭарц сҭахуп ари ахҭыс алыршаразы аусура ду шымҩаԥгаз ҳминистррақәеи ҳусбарҭақәеи, ҳтәылақәа рпарламентқәеи рганахьала, акралшеит иара убас аԥсуеи шьамтәылатәи аофициалтә хаҿқәа реиҭанеиааира». Лаша Ашәба иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара аҽны имҩаԥысуа иахьатәи аиԥылара асимволтә ҵакы шамоу.
«Ҳаҭыр зқәу аминистр, шәделегациа Аԥсны аҭаара иаҳәоит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы рырҭбаара хықәкыс ишшәымоу анаҩсгьы, уи еиуеиԥшым аформатқәа рыла ҩ-ганктәи аиԥылара рымҩаԥгара шалнаршо. Гәахәароуп, аԥсны-шьамтәылатәи аусеицура аҿиара иахьаҿу. Уи ҳҳәынҭқаррақәеи ҳажәларқәеи ринтересқәа ирықәшәоит. Иааидкыланы, Аԥсны Аҳәынҭқарра, Апарламент, ҳажәлар зегьы ргәаанагара ԥсахра амаӡам – уи Шьамтәыла ажәлар аҭынчреи аҳәынҭқарра ҭышәынтәаланы аҿиареи рзы ақәԥараҟны адгылара ҳшазхиоу атәы аҳәоит.
Апарламент Аиҳабы аԥсны-шьамтәылатәи аиқәшаҳаҭра-зинтә еизыҟазаашьақәа рыҿиара ахәшьара аиҭеит: «Иазгәаҭатәуп иахьазы қәҿиарала аҿиара ишаҿу аиқәшаҳаҭра-зинтә база. Аус ауеит Аиҩызареи аусеицуреи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Шьамтәылатәи Арабтә Республика Аиҳабыреи ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра, убас егьырҭгьы.
Ишдыру еиԥш, ҵыԥх Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиеи адепутатцәеи злахәыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа напхгара зиҭоз Аԥсны аҳәынҭқарратә делегациа Шьамтәыла аҭаараан имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти Шьамтәыла Жәлар Рхеилаки рыбжьара апарламентбжьаратә усеицуразы Аиқәшаҳаҭра аҵаҩра».
«Иаҵшьны исҳәоит, апарламентбжьаратә усеицура ҩ-тәылак реизыҟазаашьаҟны акрызҵазкуа ак акәны ҳшахәаԥшуа. Сгәы иаанагоит иахьатәи ҳаиԥыларагьы, аԥхьаҟатәиқәагьы ҳпозициақәа рырӷәӷәара иацхраалоит ҳәа», – иҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара - Аԥарламент Аиҳабы.
Шьамтәылатәи Арабтә Республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистр Феисал аль-Микдад иганахьала, иҳәеит: «Ҳаҭыр зқәу Апарламент Аиҳабы, иҭабуп ҳәа шәасҳәоит сгәаҵанӡа инеиз шәажәа ԥхақәа рзы».
Аԥсуа парламентари Шьамтәылан рԥыларазы имоу агәаҳәара атәы азгәаҭаны, Феисал аль-Микдад иҳәеит ҳтәылақәа рпарламентқәа аҳәынҭқарратә зыӡбақәа рыдкылараҟны иааныркыло аҭыԥ аҵак ду шамоу, дара ажәлари аҳәынҭқарреи ргәаанагара шырныԥшуа.
«Аҩбатәи мзызс иамоу Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны ҳара апарламенттә дипломатиа агәра ахьаҳго ауп, насгьы агәра жәгарц ҳҭахуп Шьамтәылатәи Арабтә Республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистрреи Шьамтәыла Жәлар Рхеилаки рхаҭарнакцәа есҽны, ессааҭ ишеимадоу», – иаҵшьны иҳәеит аминистр.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра Амш инамаданы, Шьамтәылатәи Арабтә Республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистр, Аԥсны Апарламент Аиҳабы ихы иқәкны Аԥсны Аҳәынҭқарра адепутатцәа зегьы рыхьӡала адныҳәалара ҟаҵо, ҷыдала иҳәеит: «Ҳара ибзианы иаҳдыруеит Аԥсны жәлар иахьатәи амш иахҭнырҵаз, ҳагьадгылоит Аԥсны Ахада, Аиҳабыра, Апарламент Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар ргәаҿы ари амш иамоу аҵакы ашьақәырӷәӷәаразы иҟарҵо ашьаҿақәа».
Ҭоурыхтә хҭысуп ҳәа азиҳәеит иара 2021 шықәса лаҵарамзазы Аԥсны Ахада Шьамтәылатәи Арабтә Республика иаҭаара: «Ҳара иаҳхашҭӡом авизит аан имҩаԥысыз ахҭысқәа: ҩыџьа аԥызацәа реиԥылареи аҭоурыхтә документқәа рыҵаҩреи».
«Ҳара даара иаҳҭахуп ҳтәылақәа рыжәларқәа еизааигәазтәуа амҩақәа ҳаԥшааларц. Имҩаԥаҳгаз аиҿцәажәарақәа арҭ аизыҟазаашьақәа ирымоу аҵак ду атәы рҳәоит», – ҳәа азгәеиҭеит аминистр.
Аганқәа иазԥхьагәарҭаз азҵаарақәа дрылацәажәо, Феисал аль-Микдад игәы иалсны иҳәеит ари аԥхьа короновирустә ҿкычымазара иахҟьаны аусеицура шалмыршахаз.
Шьамтәылатәи Арабтә Республика Адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рзы аминистр иҳәеит иара убас Урыстәылатәи Афедерациа Украина имҩаԥнаго иҷыдоу аоперациа адгылара шарҭо атәы:
«Ҳара Урыстәыла ар рынаскьара даара ҳаигәырӷьоит, ԥымкрада ҳагьадгылоит. Ҳара ҳ-Хада Башар Асад ари аҭоурых ариашароуп, адунеи иацәыӡыз абаланс архынҳәра иазҳәоуп ҳәа иазиԥхьаӡоит. Ҳара аҵыхәтәанынӡа Урыстәыла Ахада Владимир Путин Украина иқәиргылаз ахықәкқәа ҳрыдгылоит».
Феисал аль-Микдад иара убас Лаша Ашәба иеиҳәеит Шьамтәыла Жәлар Рхеилак Ахантәаҩы Хаммуд Иуссеф Саббаҳ салам шизааиҭиз, уи Аԥсны Аҳәынҭқарра мчы змоу ҳәынҭқарраны, ԥаса иамаз ахьӡ-аԥша архынҳәырц шиҭаху атәы.
Лаша Ашәба аминистр Феисал аль-Микдад диҳәеит Шьамтәыла Жәлар Рхеилак аҟны аколлегацәа ирыдикылаз азеиӷьашьарақәа риҭарц, Хаммуд Иуссеф Саббаҳ Аԥсны иаҭааразы ааԥхьара ииҭарц иара ианизыманшәалоу аамҭазы.
Аиԥылара мҩаԥысит агәреибагара ҟазшьа аманы, уи ахыркәшамҭазы Лаша Ашәбеи Феисал аль-Микдади агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

26.08.2022
Поделиться в соцсетях: