НОВОСТИ

Лаша Ашәба: «Дарбанзаалак Цәыббрамза 1 даҧылоит иҷыдоу агәалаҟазаара иманы»
01.09.2022
Поделиться в соцсетях:

Лаша Ашәба: «Дарбанзаалак Цәыббрамза 1 даҧылоит иҷыдоу агәалаҟазаара иманы»

Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба ашколхәыҷқәа, астудентцәа, аҭаацәа, арҵаҩцәа аҵарашықәс ҿыц алагамҭа рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Акыр иаҧсоу аҩызцәа! Аҧсны Жәлар  Реизара - Апарламент  ахьӡала аҵара апроцесс иадҳәалоу зегьы ишәыдысныҳәалоит аҵарашықәс ҿыц алагамҭа!
Дарбанзаалак Цәыббрамза 1 игәы хыҭ-хыҭуа даҧылоит. Ари амш акырӡа аҵанакуеит ҳаҧсҭазаараҟны, иахьа ашкол уадақәеи астуденцәа раудиториақәеи рыҟны ргәы хыҭ-хыҭуа адырра ҿыцқәа риура иазку аҵара апроцесс иналагалоит ҳхәыҷқәа, ҳмоҭацәа.
Сынтәа ҩ-нызқьҩык иреиҳауп ашкол ахь раҧхьаӡа зшьапы еихызго, актәи акласс ахь инеиуа Аҧсны иқәынхо ахәыҷқәа.
Ҳтәыла аҧеиҧш здаҳҳәало ҳашколхәыҷқәеи ҳастудентцәеи рзы иҟалааит ари аҵарашықәс хҭыс бзиала, аартра ҿыцқәа рыла, алҵшәа бзиаӡақәа рыла иҭәны.
Уснагӡатә хаданы ҳара ҳҿаҧхьа иқәгылоуп иахьа еизҳауа абиҧара аҵараҿы, аспорт аҿы, аҭҵаарадырраҿы, аҟазараҿы рылшарақәа раарҧшразы аҭагылазаашьа рзаҧҵара, ари абиҧара рааӡара аус зымч-зылша азку аҳәынҭқарра аганахьала ихьчаны, хылаҧшра рыманы рыҟаҵара.
Ишәзеиҕьаҳшьоит ари амш аҽны зеиҕьыҟам агәалаҟазаара, аихьӡарақәа».