Аҧсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Арцах Ареспублика Амилаҭтә еизара Ахантәаҩы Артур Товмасиан Арцах Ареспублика Амш идиныҳәалеит.
  Адныҳәалараҟны иҳәоуп: «Ҳаҭыр зқәу Артур Бабкен-иԥа!  Ашьха-Ҟарабахтәи Ареспублика алаҳәаразы 1991 шықәса цәыббрамза 2 рзы иаднакылаз Адекларациа ижәытәӡоу Арцах ажәлар аԥхьаҟатәи рыԥсҭазаара аԥеиԥши ихьыԥшым аҳәынҭқарра аргылареи рзы рҭоурых аҟны акрызҵазкуа аамҭахҵәаханы ишьақәгылеит.
   Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала Шәаргьы Арцах Ареспублика Амилаҭтә еизара адепутатцәагьы ишәзеиӷьасшьоит арцхаа ирымоу агәрагара амчи агәаӷьреи ихадароу ахырхарҭақәа зегьы рыҟны аҳәынҭқарра апозициа арӷәӷәаара иацхрааларц.
   Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аринахысгьы ҳажәларқәа ринтересқәа рыхьӡала Арцах Ареспублика Амилаҭтә еизара аус ацура иазхиоуп».
                    ПОПУЛЯРНОЕ
                
              НОВОСТИ
 
                    
                      02.09.2022
                      
                    
                        Поделиться в соцсетях:
                       
                      
                    