Апарламенттә ԥсшьараамҭа хыркәшаны адепутатцәа аусура напы адыркит
Цәыббрамза 7 инаркны Аԥсны Жәлар Реизара – Парламент аԥсшьараамҭа ахыркәшара ашьҭахь аусура иалагеит.
Иахьа цәыббрамза 12 рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Парламент Аиҳабы Лаша Ашәба имҩаԥигеит адепутатцәа есымчыбжьатәи реилацәажәара.
Аиԥылараан адепутатцәа ааигәа имҩаԥыргараны иҟоу аусуразы азԥхьагәаҭақәа ирылацәажәеит. Урҭ рыҩныҵҟа иҟоуп ҭагалантәи асессиа аилатәарақәа рыҟны хазы игоу азакәанапроектқәа рыхәаԥшра иадҳәалоу азҵаарақәа.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

12.09.2022
Поделиться в соцсетях: