НОВОСТИ

Апарламент аҟны имҩаԥысит адепутатцәеи Аԥсны Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәеи реиԥылара
23.09.2022
Поделиться в соцсетях:

Апарламент аҟны имҩаԥысит адепутатцәеи Аԥсны Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәеи реиԥылара

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аҟны имҩаԥысит адепутатцәеи Аԥсны Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәеи реиԥылара.  

Аиԥылара иалахәын атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Цәыџьбеи Нодар Аҩӡбеи, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа р-Штаб хада аиҿкаара-мобилизациатә усбарҭа аиҳабы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа р-Штаб хада аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Едуард Бондарь.

Аиԥылараҟны иалацәажәеит амилаҭтә шәарҭадареи атәыла арратә лшареи рызҵаарақәа.
Аиԥылара аартуа, Лаша Ашәба иҳәеит уи амҩаԥгара Атәылахьчара аминистрра анапхгарахь адепутатцәа рганахьала иҟоу азҵаарақәа жәпакы ишрыдҳәалоу.

«Ҳара иахьа иқәгылоу азҵаарақәеи иҟоу апроблемақәеи ҳрылацәажәар ҳҭахын. Урҭ стратегиатә ҩызас иҳамоу ҳгәыла идгьылҵакыраҟны ишьақәгыло аҭагылазаашьа, иара убас абри инамаданы мрагыларатәи ҳгәыла иҟны имҩаԥысуа азҵаарақәеи ирыдҳәалоуп. Арҭ апроцессқәа ҳуаажәларра рыҩныҵҟа агәҭынчымра рызцәырнагоит аҟнытә иахьатәи ҳаиԥылараҟны убарҭ ҳрылацәажәар ҳҭахын», – иаҵшьны иҳәеит иара.
Аминистрра анапхгара ихы рықәкны Апарламент Аиҳабы иара убас иҳәеит, амчхара азакәанԥҵаратә махәҭа ахаҭарнакцәа раҳасабала, адепутатцәа иалкаау уснагӡатәқәак рыӡбараҟны ацхыраара аҟаҵара ишазхиоу.
Атәылахьчара аминистрра анапхгаҩцәа адепутатцәа рҿаԥхьа рықәгылараҟны инарҭбааны иалацәажәеит аҳәынҭқарра ахьчареи ашәарҭадареи рганахьала аҭагылазаашьа зеиԥшроу.      

Апарламент адепутатцәа раԥшьгарала имҩаԥысыз аиԥылараан ишьҭыхын адәныҟаполитикатә ҭагылазаашьа аныуадаҩха, Аҳәынҭқарра ашәарҭадара алыршара иадҳәалоу хыԥхьаӡара рацәала азҵаарақәа.