НОВОСТИ

Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак аилатәараҟны акадртә зҵаарақәеи азакәанапроектқәа жәпаки ирыхәаԥшит
26.09.2022
Поделиться в соцсетях:

Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак аилатәараҟны акадртә зҵаарақәеи азакәанапроектқәа жәпаки ирыхәаԥшит

Дауҭ Хәытаба ихантәаҩрала иахьа имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аҳәынҭқарра-зинтә политиказы аилак изаамҭанытәиу аилатәара. Амшхәаԥштә аҟны иқәгылақәаз рахьтә раԥхьа изхәаԥшыз зҵаароуп Аԥсны Ахада Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбара аӡбаҩцәа рмаҵурахьы ралхразы ирыдигалаз Беслана Берулааи Екатерина Адлеибеи ркандидатурақәа.
Имҩаԥысит «Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа ралхразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә закәан ахь аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект ахцәажәара. Уи иазԥхьагәанаҭоит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатс далхзар ҟалоит ҳәа Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ иреиҳаӡоу аҵара змоу.
Аилатәара иалахәыз ахәаԥшит аус зуа ашьаус-процессуалтә закәанеидкылаҟны иҟоу агхақәа раԥыхра иазку – хықәкыла, ашьаустә усқәа рзы аусеилыргара ашьақәыргыларазы «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаус-процессуалтә закәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект, Аилацәажәара аихшьалақәа рыла Аилак абжьгара ҟанаҵеит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәараҟны аҩбатәи аԥхьараан арҭ азакәанапроектқәа рыдкыларазы.
Аилатәараан адепутатцәа ахәаԥшит даҽа х-закәанапроектк. «Административтә зинеилагарақәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаразы» азакәан апроект ала ирыдгалан аӡыргаразы азакәанԥҵара аилагаразы ахараԥсақәа рыцҵара азԥхьагәазҭо Административтә зинеилагарақәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанеидкыла аԥсахрақәа ралагалара. «Аӡыргаразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект азырхиоуп адәахьтәи аӡыргара, аӡыргаратә конструкциақәа рышьақәыргылареи рхархәареи рганахьала иацҵаны аԥҟарақәа рышьақәыргылара хықәкыс иҟаҵаны. Абри азакәанапроект инақәыршәаны, азин ыҟаӡам аҭыҭыни аникотин злоу аалыҵи рӡыргара, урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп аҭыҭынжәгақәа, ацигар қьаад, амцаркыгақәа, аникотин злоу аалыҵ адкыларазы ахархәагақәа, акалианқәа.
Иара убас иахәаԥшын «Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәалауаҩратә Закәанеидкыла актәии аҩбатәии ахәҭақәа рыҟны аԥсахрақәа ралагаразы» азакәан апроект.
Абарҭ азакәанапроектқәа рыхцәажәара аихшьалақәа рыла Аилак имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәараҟны актәи аԥхьараан рыдкыларазы абжьгара ҟанаҵеит.