Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аҟәа Ахақәиҭтәра амш азы ҳауаажәлар дрыдныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Аҟәаа! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь – Аҟәа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рыҟнытә ахы ақәиҭтәра амш.
Ажәыларатә операциа иалҵшәаны 1993 шықәса цәыббрамза 27 рзы Аԥсуа архәҭақәа ҳ-Аԥсадгьыл аҳҭнықалақь ахы иақәиҭнатәит.
Ҳара есқьынгьы иаҳгәалашәалоит Аҟәа ахы иақәиҭызтәуаз ҳаибашьцәа-хьӡырҳәагақәа, иара убас хашҭшьа рықәым уи зхы ақәызҵаз зегьы. Ҳаҳтнықалақь ахы иақәиҭызтәыз Афырхацәа рфырхаҵара иазку ҳгәалашәара аԥсы ҭоуп рыхьыӡқәа зху Аҟәа амҩақәа рыҟны, урҭ рыхьыӡқәа наунагӡа ирнызаауеит абаҟақәеи амемориалтә ӷәқәеи.
Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Аҟәа иаланхо ауааԥсыра зегьы аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан уи аиҭашьақәыргылареи аҿиареи рҿы иҟарҵаз рлагаламҭазы. Ирзеиӷьаҳшьоит лыҵшәа змоу аусура, агәабзиара, аизҳазыӷьара!».
ПОПУЛЯРНОЕ