Цәыббрамза 27 рзы, Аҟәа ахақәиҭтәра амш 29 шықәса ахыҵра аҽны Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Апарламент адепутатцәеи Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рбаҟа амҵан Ахьӡ-Аҧша апарк аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Ашәҭшьҭаҵара иазкыз аусмҩаҧгатә иалахәын Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа, Ахада Ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Аҧыза-министр Александр Анқәаб, Аиҳабыра ахаҭарнакцәа, Аҧсны иҟоу УА Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аҧсны иҟоу Алада Уаҧстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз аибашьцәа ранацәа, ауаажәларра ахаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ
27.09.2022
Поделиться в соцсетях: