НОВОСТИ

Апарламент адепутатцәа имҩаԥыргеит аҭыԥантәи амчрақәа рхаҭарнакцәа рԥылара
28.09.2022
Поделиться в соцсетях:

Апарламент адепутатцәа имҩаԥыргеит аҭыԥантәи амчрақәа рхаҭарнакцәа рԥылара

Имҩаԥысит  Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутацәеи аҭыԥантәи амчрақәа рхаҭарнакцәеи реиԥылара.
Аиԥылара иалахәын Ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа, Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа, ақалақьтә еизарақәа рхантәаҩцәа, арратә комиссариатқәа рхаҭарнакцәа.
Аиԥылара аартуа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба уи иалахәыз ирыдиныҳәалеит Аҟәа ақалақь Ахақәиҭтәра амш, иааиуа аныҳәа ду – Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш.
  «Иахьатәи ҳаиԥылара ҳастратегиатә партниор иҟны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иадҳәалоуп. Абри аҭагылазаашьаҟны ҳаргьы ҳгәыҳҽанызароуп», - иазгәеиҭеит иара.  
Апарламент Аиҳабы далацәажәеит иҳаҩсыз амчыбжь азы имҩаԥысыз Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара. Аилатәара аихшьалақәа рыла Аминистрцәа реилазаараҟны иаԥҵоуп амобилизациатә зыҟаҵара ахәшьара аҭареи аиӷьтәразы ажәалагалақәа разырхиареи ирызку аусуратә гәыԥ.  Уи напхгара аиҭоит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов.
Иара убас Л. Ашәба иҳәеит цәыббрамза 23 рзы Апарламент аҟны ишымҩаԥысыз Атәылахьчара аминистрра анапхгара злахәыз аиԥылара.   Аиԥылараҟны адепутатцәа азыӡба рыдыркылеит ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәеи Атәылахьчара аминистрреи реимадара азҵаарақәа инарҭбааны аҭҵааразы ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны аиԥылара амҩаԥгаразы.  
Аиԥылараҿы ишьҭыхын азҵаарақәа жәпакы, ҷыдала, арратә комиссариатқәа русура аиҿкаареи аҭыԥантәи администрациақәа рнапхгаҩцәеи аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәеи дареи русеицура иадҳәалоу.