НОВОСТИ

Лаша Ашәба Аԥсны жәлар Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит
30.09.2022
Поделиться в соцсетях:

Лаша Ашәба Аԥсны жәлар Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш рыдиныҳәалеит

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш азы адныҳәалара ҟаиҵеит.

Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!

Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш.

Аԥсны аҭоурых ҿыц аҟны ари аныҳәа аҭыԥ ҷыда ааннакылоит. Ҳара ҳҳәынҭқарра аҭоурых азы  1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраантәи 413 ҵхи-мши фырхаҵара згым аамҭоуп.
Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ҳара ирыхҭнаҳҵаз рацәоуп. Зықьҩыла Аԥсны аҵеицәеи хатәгәаԥхарала иааны иҳадгылази Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭтәра рхы ақәырҵеит. Хашҭра рықәым аӡәк еиԥш зыжәҩахыр еибыҭаны аӷа иҿагылаз ҳаибашьцәа хьӡырҳәагақәа.

Акыр иаԥсоу аветеранцәа! Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит иҳашәҭаз аԥсҭазааразы, ҭынч анхаразы, аҭаацәарақәа раԥҵаразы, ахшара рааӡаразы. Аҳәынҭқарра аҿаԥхьа уснагӡатә хаданы иқәгылоуп 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи урҭ рҭаацәеи, иара убас иҭахаз Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рҭаацәеи иаԥсоу аԥсҭазаара рзаԥҵара.  

Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахырхарҭақәа зегь рыла аҿиара иаҿуп. Агәра ҳгоит аҭынчра, аҭышәынтәалара аиқәырхара, иара убас ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи рылшарақәа рынагӡаразы аҭагылазаашьа аԥҵара шҳалшо.
Ишәҭааит, еизҳазыӷьааит ҳ-Аԥсны!

Ҽаанбзиала шәнеиааит, акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!