УА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Лаша Ашәбеи Апарламент адепутатцәеи Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш рыдылныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Лаша Нугзар-иԥа! УА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала Шәаргьы Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәагьы ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи ҳареи ҳаидызҳәало акәны иҟоуп аиҩызара, аҳаҭыреиқәҵара, агәрагара. Урыстәылатәи Афедерациаҟны ирҭахуп исуверентәу Аԥсны жәлар мчы змоу, иҭышәынтәалоу, еизҳазыӷьо аҳәынҭқарраҟны инхаларц-инҵларц.
Иахьа даҽа аамҭанык еиԥшымкәа, апарламентә еизыҟазаашьақәа рганахьала ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рылшара анагӡаразы еиҳагьы ҟаҵатәуп.
Афедерациа Ахеилак аҟны ҳаԥсуа коллегацәа аус рыцура ҳазхиоуп азҵаарақәа жәпакы инарымаданы.
Аҭагылазаашьа схы иархәаны, Шәаргьы, шәколлегацәагьы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа азакәанԥҵаратә усураҿы, аиҩызара ҳзызуа Аԥсны жәлар – аҭынчра, аизҳазыӷьара. Ҳаҭыр ду сшышәықәысҵо агәра жәгарц сҭахуп».
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

29.09.2022
Поделиться в соцсетях: