НОВОСТИ

Лаша Ашәба агәаларшәагатә нҵамҭа аанижьит Афедерациа Ахеилак асасцәа дахьқәа рышәҟәаҟны
03.10.2022
Поделиться в соцсетях:

Лаша Ашәба агәаларшәагатә нҵамҭа аанижьит Афедерациа Ахеилак асасцәа дахьқәа рышәҟәаҟны

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Урыстәылатәи Афедерациаҟны официалтә визитла аҟазаараан УА Афедералтә Еизара  Афедерациа Ахеилак асасцәа дахьқәа рышәҟәаҟны агәаларшәагатә нҵамҭа аанижьит: «Урыстәыла ажәлар рымаҵ аура иазку аус бзиаҟны ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи!».

УА Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Константин Косачиов иформалтәым аиҿцәажәараан иаҵшьны иҳәеит аԥснытәи аделегациа Афедерациа Ахеилак иаднакыло аҳәаанырцәтәи асасцәа раԥхьатәиқәаны ишыҟоу Адкылара аҩн ҿыц аҟны. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иакәхеит ианҵамҭа ала асасцәа дахьқәа рышҟәы ҿыц аазыртызгьы.