НОВОСТИ

 Лаша Ашәба Идырым Асолдаҭ иҳаҭгәын аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит
04.10.2022
Поделиться в соцсетях:

Лаша Ашәба Идырым Асолдаҭ иҳаҭгәын аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит

Урыстәылатәи Афедерациаҟны официалтә визитла рыҟазаараан Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Александр ихьӡ зху абаҳчаҿы Кремльтәи аҭӡы амҵан Идырым Асолдаҭ иҳаҭгәын аҟны ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониаҟны Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аделегациа дацын УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Неверов.