НОВОСТИ

Жьҭаарамза 5 рзы Лаша Ашәба  Жәларбжьаратәи арҵаҩы имш инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит
05.10.2022
Поделиться в соцсетях:

Жьҭаарамза 5 рзы Лаша Ашәба Жәларбжьаратәи арҵаҩы имш инамаданы адныҳәалара ҟаиҵеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Арҵаҩы имш!
Иахьа иҭабуп ҳәа раҳҳәоит ауаҩра ду зцу арҵаҩы изанааҭ алызхыз зегьы. Адырра агәбылра аркра, аҵаҩцәа дасу рылшарақәа раарԥшра зылшо арҵаҩы ҷыдала илоу абаҩхатәра иабзоуроуп.
Аԥсҭазаара ду ахь амҩа ылаҳхуеит ашкол аҟнытә, дарбанзаалак дасу иара бзиа иибо, ахааназы ихамышҭуа арҵаҩцәа имоуп. Урҭ аԥеиԥш бзиа, ахықәкқәа рызхәыцра ҳаларааӡеит. Арҵаҩцәа аҭакԥхықәра дуӡӡа рыдҵоуп ҳтәыла абиԥара ҿыцқәа реиҵааӡараҟны. Ҩныҵҟала иӷәӷәоу ауаа роуп ахәыҷқәа аус рыдулараан изҵоу аидара ашьҭыхра зылшо. Аԥсны Аҳәынҭқарра аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан изыниаз ауадаҩрақәагьы риааира рылшеит ҳарҵаҩцәа апрофессионализм, ахачҳара ду, агәыҭбаара аарԥшны.
Акыр иаԥсоу арҵаҩцәа! Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ҳхәыҷқәа ирыду шәааԥсаразы, иҿымцәааит ахааназы шәнапы злаку аус ахь ишәымоу агәбылра амца.
Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, арҿиаратә еихьӡарақәа шәызну амҩаҟны, адырра иазҿлымҳау аҵаҩцәа шәыгымзааит».