НОВОСТИ

Апарламенттә делегациа Москва Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа иаҭааит
05.10.2022
Поделиться в соцсетях:

Апарламенттә делегациа Москва Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа иаҭааит

  Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба напхгара зиҭо аделегациа Москва Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа иаҭааит.
  Лаша Ашшба аԥснытәи адипломатцәа ирзеиҭеиҳәеит Афедерациа Ахеилаки Аҳәынҭқарратә Думеи рыҟны имҩаԥысыз аиԥыларақәа ирымоу алҵшәақәа, иалыршоу аиқәшаҳаҭрақәеи апарламенттә еимадарақәа аԥхьаҟатәи рԥеиԥши ртәы. Урыстәылатәи афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аусқәа рзы Аамҭалатәи агәрага Мадина Аҩӡба адепутатцәа ирзеиҭалҳәеит адипмиссиа аусура атәы, иазгәаҭан аԥхьаҟатәи аусеицура аплан.