НОВОСТИ

Апарламент аҟны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак аилатәара
10.10.2022
Поделиться в соцсетях:

Апарламент аҟны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак аилатәара

Беслана Ҳалуашь ихантәаҩрала имҩаԥысит Апарламент Адепутатцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчы змоу Асида Шьаҟрыли злахәыз Абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак аилатәара.

Ишьақәырӷәӷәоу аилатәара амшхәаԥштә инақәыршәаны, иахәаԥшит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ауаҩы изинқәа рзы азинмчы змоу лаппарат 2023 шықәсазтәи аныхтәқәа рхарџьынҵа, азыӡбагьы шьҭыхын ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент асессиа аилатәараҟны ашьақәырӷәӷәаразы Апарламент абжьгаразы.