Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Акультуреи, аҿар русқәеи, аспорти рзы аилак инарҭбаау аилатәараҟны имҩаԥысит Аԥсны аҳәынҭқарратә дырга ахҳәааи официалла ахархәара аԥҟара иадҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара.
Аилак ахантәаҩы Венори Бебиа имҩаԥигаз аилатәара иалахәын: Даур Ақаҩба – АА акультура аминистр, Лиусиа Гамгьиа – асахьаҭыхҩы, аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳәынҭқарратә дыргақәеи рескизқәа равтор Валери Гамгьиа иаҳәшьа, аскульптор Амиран Адлеиба.
Аилатәараҟны ицәырган аус зуа «Аԥсны аҳәынҭқарратә герб азы», «Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ азы» азакәанқәа рхархәара иадҳәалоу атемақәа, иара убас абираҟи агерби рыхҳәаа азҵаарагьы.
Адепутатцәа азыӡба рыдыркылеит ари азҵаара ҭҵааны иақәнагоу ажәалагалақәа разырхиаразы.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

13.10.2022
Поделиться в соцсетях: