НОВОСТИ

Имҩаԥысит Лаша Ашәбеи Олег Смолини реиԥылара
14.10.2022
Поделиться в соцсетях:

Имҩаԥысит Лаша Ашәбеи Олег Смолини реиԥылара

Иахьа имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи ААУ 90 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә аҽалархәразы иааз аҭҵаарадырреи, иреиҳаӡоу аҵараиуреи рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аилак ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ     Олег Смолини реиԥылара.

Аиԥылара иалахәын: Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фазлыбеи Аҩӡба,  адепутатцәа Инар Саӡба, Инар Гыцба, Апарламент Аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа, ААУ аекономикатә теориа акафедра аиҳабы Александр Страничкин, Агуманитартә ҭҵаарақәа ракадемиа ахада Хачатур Мариносиан.

Аиԥылараҟны иалацәажәеит аԥсны-урыстәылатәи аусеицура иазку азҵаарақәа жәпакы, иара убас аҭҵаарадырреи аҵараиуреи ирыдҳәалоу азҵаарақәагьы.  

Аиԥылара мҩаԥысит аиҩызаратә, аилибакааратә ҟазшьа аманы.