НОВОСТИ

Лаша Ашәба Григори Маракуца ииубилеи идиныҳәалеит
15.10.2022
Поделиться в соцсетях:

Лаша Ашәба Григори Маракуца ииубилеи идиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба аҳәынҭқаррақәа - «Адемократиеи ажәларқәа рзинқәеи рзы» Аидгылара алахәцәа р-Парламентбжьаратә Ассамблеиа Амаӡаныҟәгаҩ Хада Григори Маракуца иира амш инамаданы адныҳәалара изишьҭит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:  
«Ҳаҭыр зқәу Григори Степан-иԥа! Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала, хаҭала сара сыхьӡала ишәыдысныҳәалоит 80 шықәса шәхыҵра амш!
Ишәызгәакьоу Приднестровиа аҭоурыхи милаҭрацәала ишьақәгылоу приднестровиатәи ажәлар хәы змаӡам рҭынха аиқәырхареи, урҭ ринтересқәа рыхьчареи ирыдҳәалоу ахҭысқәа рыла иҭәуп Шәара шәыԥсҭазаара ԥышәа ду.
Шәара шәбиографиа – ганрацәала еилоу шәинтересқәа – аҭҵаарадырра инаркны аҭоурых аҟынӡа, аҵак ду змоу аҳәынҭқарратә зыӡбақәа рыдкылараҟны ишәымоу аҟыбаҩ, ауаа рыҿцаараҟны ирышәҭо аԥхарра зныԥшуа иаарту ашәҟәы иаҩызоуп.
Ҳаҭыр зқәу Григори Степан-иԥа, ҳара ҳреспубликаҟны Шәара шәырдыруеит агәаӷьра змоу, зхыԥша бзиоу аԥышәа иаҳасабала.
Аҳаҭыр иаша иаԥсоуп Шәара имҩаԥыжәго ауаажәларратә усура. Аԥснытәи адепутатцәа аӡәырҩы ари ахә ҳаракны иршьоит.
Шәдыррақәеи ишәымоу аполитикатә баҩхатәреи акыршақәсала хархәара рыманы иҟазааит!
Ҳаҭыр зқәу Григори Степан-иԥа, ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, насыԥ агымзааит шәыҩнаҭа!».