Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Ермолаи Кьасыгә-иԥа Аџьынџьал - Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент II-тәи ааԥхьара адепутат (1996–2002 шш.) иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит:
«Ермолаи Кьасыгә-иԥа Аџьынџьал - еицырдыруа аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ, авторс дрымоуп аҭҵаарадырратә усумҭақәеи астатиақәеи жәпакы. Уи изанааҭтә дыррақәа хархәара рымоуп аҭоурыхтә ҭҵаарадырраҟны еиԥш, жәларбжьаратәи азини Аԥсны аҳәынҭқарратәра ашьақәырӷәӷәареи рызҵаарақәа рҟынгьы.
Ермолаи Кьасыгә-иԥа ахаангьы атәылауаҩратә позициа змаз ҵарауаҩын, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара активла иалахәыз дыруаӡәкуп. Уи иԥышәеи идыррақәеи рымеидон иҩызцәа, иара убас аҿар. Аҵарауаҩ, Аԥсны Жәлар Реизара Ауаҩы изинқәа рзы Акомиссиа алахәҩы иаҳасабала, Е. Аџьынџьал иажәа аҵак ду аман апарламенттә зыӡбақәа жәпакы рыдкылараан.
Ермолаи Аџьынџьал ианашьан Аԥсны Аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу аҳамҭа – «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара.
Ермолаи Кьасыгә-иԥа Аџьынџьал игәалашәара лаша рыцзаауеит дыздыруаз зегьы».
ПОПУЛЯРНОЕ
- Имҩаҧысит Абиуџьет, акредиттә еиҿкаарқәа, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак аилатәара
- АҦСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА АҚӘҴАРА
- Иазԥхьагәаҭаз Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент асессиа аилатәара мҩаԥымсӡеит
- Валери Кәарҷиа Екатерина Бебиа Лымшира лыдиныҳәалеит
- Аграртә политикеи, аҧсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак инарҭбаау аилатәара
НОВОСТИ
25.10.2022
Поделиться в соцсетях: