Аԥсны Асахьаҭыхҩцәа Реидгыла Апарламент ахь иҟарҵаз ааԥхьара инамаданы Венори Бебиа Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Акультуреи, аҿар русқәеи, аспорти рзы аилак аилатәара мҩаԥигеит.
Аилатәара иалахәын Апарламент адепутатцәа, Аԥсны Асахьаҭыхҩцәа реидгыла алахәцәа: Витали Џьениа, Ельвира Арсалиа, Виссарион Цәыџьба.
Аԥсны Асахьаҭыхҩцәа реидгыла ахаҭарнакцәа аҳәара ҟарҵоит «Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә хьыӡқәеи рзы» Азакәан аԥсахрақәа ралагалареи аҳаҭыртә хьыӡқәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы», «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩы» ашьақәыргылара азҵаара ахәаԥшразы.
Акультуреи, аҿар русқәеи, аспорти рзы аилак алахәцәа ари ажәалагалазы азыӡба рыдыркылеит инҭырҳәыцааны аҭҵааразы, хара имгакәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Акультура аминистр далархәны аилак аилатәара амҩаԥгаразы.
Аилатәара иалахәыз иара убас асахьаҭыхратә ҟазареи Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых-культуратә ҭынха аиқәырхареи ахархәареи инарыдҳәаланы, иҵарны иқәгылоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

26.10.2022
Поделиться в соцсетях: