Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы аилак ахантәаҩы Рашида Аиба Азанааҭеидгылақәа Жәларбжьаратәи Реидгыла «АКРА» ахантәаҩы Сергеем Филатов дызлахәыз аиԥылара мҩаԥылгеит.
Аиԥылара иара убас иалахәын Апарламент адепутатцәа Нарсоу Салаҟаиа, Венори Бебиа, Левон Галустиан, Дмитри Маршьан, АА Ихьыԥшым азанааҭеидгылақәа рфедарциа Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Делба.
Аиԥылара иалахәыз амилаҭтә культуреи, аҭыԥантәи аарыхрақәеи, аџьеи, асоциалтә политикеи, анаплакреи уҳәа реиԥш иҟоу аусхкқәа рыҟны Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти Азанааҭеидгылақәа Жәларбжьаратәи Реидгылеи русеицура азҵаара иалацәажәеит.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

26.10.2022
Поделиться в соцсетях: