Аҧсны Аҳәынҭқарра иаҭааит Аҿартә политикеи, аспорти, атуризми рзы Апарламенттә Еизара Акомиссиа алахәцәа рыла ишьақәгылаз Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара аделегациа. Авизит апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаҧысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба напхгара зиҭоз Апарламенттә Еизара ахаҭарнакцәа злахәыз аилатәара нарҭбааны.
Уи иалахәын Апарламент Аиҳабы ихаҭыҧуаа Фазлыбеи Аҩӡбеи Ашот Миносиани, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Акультуреи, аҿари аспорти рзы Аилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Нарсоу Салаҟаиа, ари Аилак алахәцәа Герман Каҷараа, Наур Нарманиа, Жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи аимадарақәеи аџьынџьуаа аҽрымадарази аилак ахантәаҩы Алхас Барцыц Аилак алахәҩы Алиса Гәлариа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аҵареи, аҭҵаарадырреи, абызшәатә политикеи, адини, АИХ русқәеи рзы аилак ахантәаҩы Инар Саӡба, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Асоциалтә политикеи, аџьеи, агәабзиарахьчареи, адемографиеи, аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи рзы аилак ахантәаҩы Рашида Аиба, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аграртә политикеи, аҧсабаратә лшарақәеи аекологиеи рзы аилак ахантәаҩы Ҭемыр Беиа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак алахәцәа Адгәыр Ҳаразиеи Асҭамыр Гьерхелиеи.
Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара аделегациа аилазаараҟны иҟан:
Аҿартә политикеи, аспорти, атуризми рзы Апарламенттә Еизара Акомиссиа ахантәаҩы Артиом Туров, Акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Сергеи Клишевич, апарламенттә Комиссиа алахәцәа Дмитри Басков, Ольга Петрашова, Антон Ткачиов, Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара Аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Стрельченко, Аҭакзыҧхықәу амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩцәа Вадим Иванеци Дмитри Гоборов, Апарламенттә Еизара Амаӡаныҟәгарҭа аусбарҭақәа реиҳабацәа Дмитри Гриазнови Андреии Шахорскии, иара убас амаӡныҟәгарҭа егьырҭ аусзуҩцәа.
Аиҧылара аартуа, Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, ҷыдала, иҳәеит:
«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала бзиала шәаабеит, ҳәа шәасҳәар сҭахуп, ҳаҭыр зқәу асасцәа!
Ҳара ҳзы акырӡа аҵанакуеит Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара ахаҭарнакцәеи ҳареи ҳабжьара аимадарақәа рырҿиареи рырҕәҕәареи. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ҳтәыла аҭаара ахьаҧшьыжәгаз, аиҧылара Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны амҩаҧгара ахьышәҭаххаз.
Ҳазҭоу ашықәс азы Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны имҩаҧысит изаамҭанытәиу апарламенттә алхрақәа, мшаҧымза алагамҭазы апарламенттә ааҧхьара аусура хацнаркит. Ҳпарламент аҟны ишьақәыргылоуп апарламенттә еилакқәа жәба. Урҭ рхыҧхьаӡараҟны иҟоуп Бебиа Винори Иаков-иҧа хантәаҩра зиҭо Акультуреи, аҿари, аспорти русқәа рзы аилак.
Ҳаҭыр зқәу аколлегацәа, шәара Аҿартә политикеи, аспорти, атуризми рзы Апарламенттә Еизара Акомиссиа хаҭарнакра злазыжәуа ала, иахьа ҳара арҭ ахырхарҭақәа рыла ҳусеицура шымҩаҧысуа атәы ҳалацәажәар ҳалшоит.
Иара убас иаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп аҧсны-урыстәылатәи апарламетбжьаратәи аизыҟазаашьақәа ашьақәгылара мҩаҧысуан СССР анхыбгала аахыс, ҳара ҳзы акраҵанакуеит абиҧарақәа еимдо, ааҧхьарак аҟнытә егьи ааҧхьарахь аҳаҭыреиқәҵара, агәреибагара, аиҩызара дуи шьаҭас иаҭаны иаарго аҧснытәи урыстәылатәи адепутатцәа реимадара
Уажәааигәагьы жьҭаарамза алагамҭазы Виачеслав Виктор-иҧа Володин иҟаиҵаз ааҧхьарала официалтә визитла Аҳәынҭқарратә Думаҟны аиҧылара ҳаман.
Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизареи ҳареи иҳабжьоу аимадарақәа 2023 шықәса жьҭаарамзазы 15 шықәса рхыҵуеит. 2008 ш. жьҭаарамза 16–17 рзы Москва имҩаҧысыз Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара XXXIV асессиа аилатәараҟны ҳ-Парламенти Алада Уаҧстәыла Апарламенти иҟарҵаз ааҧхьара аҭак ҟаҵо, азыӡба рыдыркылеит ҳреспубликақәа рпарламентқәа Аизараҟны есқьынагьтәи анаҧшҩцәа рыстатус рыҭаразы. Ҳара Апарламенттә Еизара анапхгареи адепутатцәеи иҭабуп ҳәа раҳҳәоит иҳарҭо адгыларазы. Ари ҳара ҳзы аҵак ду амоуп!»
Сергеи Стрельченко ихы иқәкны, Лаша Ашәба ҷыдала иҭабуп ҳәа ахиҳәааит аусеицуреи Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аганхьала адгылара иҟаиҵо азы. .
Касаясь отношений с парламентариями Республики Беларус Ареспублика адепутатцәеи Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәеи реизыҟазаашьа инамаданы Апарламент Аиҳабы иҳәеит: «Ҳара ҳаизыҟазаашьақәа ртәы ҳҳәозар, есқьынгьы оптимизмла ҳазнеиуан, ус иҟан, иагьыҟалоит аҧхьаҟагьы ҳара иаҳзааигәоу аҳәынҭқарра аганахьала. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ари шьақәырҕәҕәоуп Аҧсны Аҳәынҭқарреи Беларус Ареспубликеи рхаҭарнакцәа рыбжьара аимадарақәа есааира рыҕәҕәахарала. Уи ус шакәу шаҳаҭра азнауеит цәыббрамза 28 рзы имҩаҧысыз Беларус Ахада Александр Лукашенко ҳреспублика раҧхьатәи ивизит.
Агәра ҳгоит Александр Григори-иҧа Аҧсны иаҭаара ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара ганрацәалатәи аизыҟазаашьақәа рырҕәҕәара ишацхраауа».
Аҿартә политикеи, аспорти, атуризми рзы Апарламенттә Еизара Акомиссиа ахантәаҩы Артиом Туров иҳәеит аҧсуа голлегацәа аус рыцура арҿиара дара русураҿы хырхарҭа хаданы ишыҟоу.
«Ҳара иаҳбеит Аҧсны атуризм иамоу алшарақәа, иарбантәылазаалак ари иаҵашьыцыртә иҟоуп. Акраҵанакуеит, иахьа аиҭаҵразы иҟоу аҧкрақәа раан Урыстәылеи аҧсни ртәылауаа аҧсны рыҧсы ршьалар рылшоит». Уи иҳәеит Аҧсны ажәлар рзы акрызҵазкуа азҵаарақәа рыӡбараҟны аусеицура ишазхиоу. «Ҳанеидгыла, ҳпозициақәа реиқәырхара ҳалшоит. Аҭоурыхтә иашара, адин ҵасқәа, акультура реиқәырхара – ари ҳаидызкыло ауп. Ҳаидгылар, зегьы ҳариааиуеит, еиҳагьы ҳаҕәҕәахоит», – иаҵшьны иҳәеит иара.
Сергеи Клишевич иацҵаны иҳәеит: «Хықәкыс иҳамоу – иахьа Аҧсны иаҳҧылоз ауаа рҭагылазаашьа бзиа алыршароуп. Ҳаидгыланы ари аҟаҵара ҳалшоит. Беларус атәылауаа аҧсназы иҧхоу агәалашәарақәа рымоуп, еиқәырханы ирымоуп хаҭалатәи аимадарақәа. Аҧсҭазаара ҧхьаҟа ацара ҳацхраалароуп, абзиа аиааира агарц азы».
Лаша Ашәба иазгәеиҭеит аиҧылара анымҩаҧысуа аамҭа шымариам. «Ари ҳаизыҟазаашьақәа ирымоу аҵак ду атәы аҳәоит. Аҧсны Аҳәынҭқарра хьаҳәа-ҧаҳәарада Урыстәылеи Беларуси ирыдгыло, ҩызара рзызуа ҳәынҭқарроуп. Сгәы иаангоит апарламенттә еимадара ҳтәылақәа рыбжьара аҩаӡарақәа зегьы рыҟны аимадарақәа рырҿиара алнаршоит ҳәа».
Сергеи Стрельченко иҳәеит Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламенттә Еизара аколлектив Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент аус ацура арҕәҕәара ишадгыло, иагьрыдигалеит еиуеиҧшым аидеиақәеи ажәалагалақәеи.
Аиҧылараҟны адепутатцәа алацәажәеит азеиҧш темақәа маҷымкәа. Урҭ атуризм, аинвестициақәа, аҿартә программақәеи, аспорти ирызку апроектқәа рырҿиара иадҳәалоуп, Аҧсны иҟоу аспорттә обиектқәа рхархәаразы алшара, ацифраркратә проектқәа, аинформациатә технологиақәа уҳәа реиҧш уҳәа уб.егь.
Хшыҩзышьҭра аҭан аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура закәанҧҵарала аиқәыршәара.
Ольга Петрашова илҳәеит Апарламенттә Еизара Акомиссиа Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Акультуреи, аҿари аспорти русқәа рзы аилак адепутатцәеи аус рыцуразы азеиҧш хырхарҭақәа шыҟоу.
Аиҧылара аихшьала ҟаҵо, Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иҳәеит имҩаҧысыз аиҧылара агәахәара шинаҭаз: «Ас еиҧш иҟоу аформат ҟамлаӡац уажәада. Ари дырга бзиоуп. Ҳара иарбан аҧшьгаразаалак аилкаара ҳазхиоуп. Иҟоуп аҵараиура, атуризм, егьырҭ аусхкқәа рыҟны аусеицуразы алшара». Апарламентбжьаратә еизыҟазаашьақәа ирымоу аҵакы азгәаҭаны, Лаша Ашәба иҳәеит системала рырҿиара аҭахны ишыҟоу.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

01.11.2022
Поделиться в соцсетях: