НОВОСТИ

"Аԥсны аҵарауаа ринтеллектуалтә лшарақәа, рзанааҭтә ԥышәа, иныҟәырго атәылауаҩратә ҭакԥхықәра – ҳара ҳзы милаҭтә ҭынха дууп" "
04.11.2022
Поделиться в соцсетях:

"Аԥсны аҵарауаа ринтеллектуалтә лшарақәа, рзанааҭтә ԥышәа, иныҟәырго атәылауаҩратә ҭакԥхықәра – ҳара ҳзы милаҭтә ҭынха дууп" "

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Ахада З. Џьапуеи аколлективи Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 25 шықәса ахыҵра амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалара атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

"Ҳаҭыр зқәу Зураб Џьота-иҧа!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала Шәаргьы Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аколлективгьы ишәыдысныҳәалоит  аусбарҭа 25 шықәса ахыҵра арыцхә.
Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа  аԥҵара иадҳәалоу азыӡбақәа уасхырс ирзышьҭоуп Аҧсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба аҧхьа днаргыланы, иналукааша аҭҵаарадырра аусзуҩцәа рыҟнытә иаауа аҳәынҭқарра аргылараҿы аҭҵаарадырра инанагӡо ароль аилкаара.
Аҳәынҭқарратә аҭҵаарадырра-техникатә политика ашьақәыргылареи анагӡареи – Аҧсны аҵарауаа рҿаҧхьа иқәгылоу ауснагӡатә хадақәа ируакуп.
Аҵак ду рымоуп Академиа аилазааратә ҟәшақәа ирыҵанакуа аҭҵаарадырратә усҳәарҭақәа аҭҵаарадырраҟны иҟарҵо алагаламҭақәа. Урҭ рыҩныҵҟа иҟоуп ҳҳәынҭқарразы иуадаҩыз аамҭақәа раангьы аԥсуа ҭҵаарадырра аҭоурыхтә еимадарақәа мырӡкәа, рырҿиара алзыршаз еицырдыруа аҵарауаа.  
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа имҩаԥнаго ҳаамҭазтәи аҭҵаарақәа рымҽхак акыр иҭбаауп, урҭ мҩаԥысуеит Аԥсни жәларбжьаратәи  аҵарауааи русеицура иабзоураны. Ари ҳҳәынҭқарреи адунеи егьырҭ атәылақәеи реимадара арҿиараҟны акрызҵазкуа лагаламҭаны иҟоуп. Аҵарауаа русумҭақәа рылҵшәақәа рныԥшуеит аԥсышәала, урысшәала, англыз бызшәала хыԥхьаӡара рацәала иҭыҵуа аҭыжьымҭақәа.  

Аԥсны аҵарауаа ринтеллектуалтә лшарақәа, рзанааҭтә ԥышәа, иныҟәырго атәылауаҩратә ҭакԥхықәра – ҳара ҳзы милаҭтә ҭынха дууп. Урҭ рдыррақәа рымардоит иахьа аҭҵаарадыррахь раԥхьатәи ашьаҿақәа ҟазҵо аҿаргьы.  
Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит зыԥсҭазаара аԥсуа ҭҵаарадырра иазызкыз, аҭҵаарадырраҿы аихьӡарақәа раарԥшраҟны зус иацәхьамҵуа ҳҵарауаа иаадырпшуа ахачҳаразы.  
Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аколлектив, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵарауаа зегьы хаҭа-хаҭала ирзеиӷьасшьоит агәыхәтәыхьӡара, агәабзиара, аартра ҿыцқәа".