НОВОСТИ

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара апалатақәа рхантәаҩцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Азинмчызмоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩи Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит
04.11.2022
Поделиться в соцсетях:

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара апалатақәа рхантәаҩцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Азинмчызмоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩи Жәлар ракзаара амш рыдиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенкои Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин УА аҳәынҭқарратә ныҳәа – Жәлар ракзаара амш   рыдиныҳәалеит.  
Иколлегацәа ихы рықәкны, Лаша Ашәба иҳәеит, урыстәылатәи ажәлар ахаангьы згәы еиҭамԥоз, апатриотизмра злаз, атәыла ахьыԥшымра ашәарҭара иҭазыргылоз аҭагылазаашьақәа раан аӡәк еиԥш еидгылоз жәларык раҳасабала ишыҟоу.

«Милаҭрацәала еилоу Урыстәылатәи ажәлар раԥхьа иҟаз абиԥарақәа ирымардаз аҟазшьа бзиақәа: аҭоурых ахӡыӡаара, аамысҭашәара Урыстәыла Дуӡӡа асуверенитет уасхыр ӷәӷәаны иамоуп», – иаҵшьны иҳәеит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы. Уи Урыстәыла ажәлар ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аизҳазыӷьара, аихьӡара ҿыцқәа рыҟны ақәҿиарақәа.

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа рыхьӡала Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иара убас адныҳәалара ишьҭит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Азинмчызмоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иахь: «Ари аныҳәа есқьынгьы еиднакылалааит Урыстәыла ажәларқәа, атәыла аԥеиԥш бзиазы ирымоу агәыӷра арӷәӷәалааит» – аҳәоит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы иҟаиҵаз адныҳәаларатә цҳамҭаҟны.