НОВОСТИ

 Апарламент аҟны афымцамчтә усхк азҵаарақәа ирылацәажәоит
09.11.2022
Поделиться в соцсетях:

Апарламент аҟны афымцамчтә усхк азҵаарақәа ирылацәажәоит

Абҵарамза 9 рзы Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент имҩаԥысит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа имҩаԥигаз инарҭбаау аилатәара.
Афымцамч усхк аҟны иахьа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уадаҩ инамаданы адепутатцәа раԥшьгарала Апарламент ахь иааԥхьан «Амшынеиқәафымцамч» адиректор хада ин.н. Зураб Багаԥшьи иҿкаара егьырҭ ахаҭарнакцәеи.
Иааԥхьаз инарҭабааны ирҳәеит АЦӘ «Аҽгәара» имҩаԥысуа арҽеиратә усурақәеи афымцамч аусхк аҟны ихадароу уснагӡатәқәаны иҟақәоуи ртәы.
Аилатәараан иалацәажәеит аихшаратә каҭақәа рхареи аматериалтә-техникатә база аҭагылазаашьеи ирыдҳәалоу, иара убас акриптовалиута изакәанымкәа арҳара инамаданы афымцамчхархәара азҳареи, ҳазҭагылоу аамҭазтәи аидареи, хархәара змоу афымцамч азы ашәатәқәа реизгара алаҟәреи, афымцамчзгәаҭага амыругақәа раахәара аҭахреи ирызку азҵаарақәа.