НОВОСТИ

Адепутатцәа Атәылауаҩратә Закәанеидкыла аԥсахрақәа алагалатәуп ҳәа ирыԥхьаӡоит
15.11.2022
Поделиться в соцсетях:

Адепутатцәа Атәылауаҩратә Закәанеидкыла аԥсахрақәа алагалатәуп ҳәа ирыԥхьаӡоит

Имҩаԥысит адепутатцәеи, Аԥсны Ахада Иадминистрациа аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы Натела Ломиеи злахәыз Беслана Халуашь хантәаҩра ззиуаз Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы аилак аилатәара.
Ирыхәаԥшит азакәанапроектқәа ҩба. «Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылауаҩратә Закәанеидкыла актәии аҩбатәии ахәҭақәа аԥсахрақәа ралагаларазы азакәан апроект ахәдықәҵара аҳәаақәҵара азҵаара иадҳәалан, иагьрыдкылан актәи аԥхьараан ҳ.аш. ԥхынгәымза 27 рзы.
Аилацәажәара аихшьалақәа рыла Аилак алахәцәа еицҿакны азыӡба рыдыркылеит ари азакәанапроект аҩбатәи аԥхьараан адкыларазы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент  асессиа аилатәарахь ацәыргара.
Иара убас адепутатцәа ахәаԥшит  рассмотрели проект закона «Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылауаҩратә Закәанеидкыла актәи ахәҭа аԥсахрақәа ралагаларазы» азкәан апроект, азыӡбагьы рыдыркылеит ааигәа имҩаԥысраны иҟоу Апарламент асессиа аилатәараҟны актәи аԥхьараан адкылара рабжьыргарц.
Урҭ иазгәарҭеит урыстәылатәи аган иаанарԥшыз аилкаара, зыӡбахә ҳәаз аԥсахрақәа рганахьала аҿагылара шыҟарымҵо. Адепутатцәа АИХ ахаҭарнакцәа адырра рырҭеит имҩаԥысыз аилацәажәарақәа рзы,  Апарламент аҟны аиуристцәа алархәны ари Аиқәшаҳаҭра АА азакәанԥҵара инақәыршәаны аус адуларазы иҟоу алшарақәа рыҭҵаара нап адыркит.
Аепутатцәа иазгәарҭеит АА Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аԥсуеи аурыс парламентари реиԥылара инадҳәаланы имҩаԥнагаз аусура ду.