НОВОСТИ

Апарламенттә еилакы «АА аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә хьыӡқәеи рзы»  Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы абжьгара ҟанаҵеит
16.11.2022
Поделиться в соцсетях:

Апарламенттә еилакы «АА аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә хьыӡқәеи рзы» Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы абжьгара ҟанаҵеит

Апарламент аҟны имҩаԥысит Венори Бебиа хантәаҩра ззиуаз Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Акультуреи, аҿар русқәеи, аспорти рзы аилак аилатәара.  
Аилак аилатәара иалахәын Акультура аминистр Даур Ақаҩбеи Аха Иадминистрациа аҳәынҭқарра-зинтә усбарҭа аиҳабы Наҭела Ламиеи.
Адепутатцәа ахәаԥшит «О внесении изменений в Закон Республики Абхазия «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә хьыӡқәеи рзы « Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» азакәан апроект.
Ари азаконопроект ала ирыдыргалеит аҳаҭыртә хьыӡ ҿыцқәа «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы», иара убас аҳаҭыртә хьыӡқәа «Жәлар рартист», «Жәлар рышәҟәыҩҩы»,»Жәлар рпоет», «ЖӘлар рсахьаҭыхҩы» рыхҳәаа ахәҭаҟны Азакәан аԥҟара ҿыц аҩра.
Аилацәажәара аихшьала ала, Аилак алахәцәа азыӡба шьҭырхит ари азакәанапроект ааигәа имҩаԥысуа Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент асессиа аилатәараҟны актәи аԥхьараан рыдкыларазы ақәыргылара.