НОВОСТИ

Апарламенттә Еилакы аилатәараҟны иахәаԥшит «Аԥсны Аҳәынҭқарра ақыҭанхамҩазы» Азакәан
23.11.2022
Поделиться в соцсетях:

Апарламенттә Еилакы аилатәараҟны иахәаԥшит «Аԥсны Аҳәынҭқарра ақыҭанхамҩазы» Азакәан

Иахьа Ҭемыр Беиа ихантәаҩрала имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аграртә политикеи, аҧсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак  инарҭбаау аилатәара.

Аилатәара аповестка инақәыршәаны  иахәаԥшит 2021 шықәса рашәарамза 9 рзы актәи аԥхьараан ирыдыркылаз «Аԥсны Аҳәынҭқарра ақыҭанхамҩазы» Азакәан апроект
Ари апроект азы аилыркаагатә шәҟәы аҟны иазгәаҭоуп уи аус шадулаз абарҭ ахықәкқәа инарықәыршәаны:
- аҳәынҭқарратә ақыҭанхамҩатә политика аҳәаақәҵаразы;
- ақыҭанхамҩа аҿиара аҳәынҭқарратә программа анагӡара Ареспубликатә биуџьет ахарџь ала афинансзоужьра амҽхак Ареспубликатә биуџьет ашықәсазтәи аԥаратә хархәагақәа рыҟнытә 5% иреиҵамкәа;
- ақыҭанхамҩатә аарыхра аԥҵареи аҿиареи рус аҳәынҭқарратәи атәымтәылатәи инвестициақәа радԥхьалара;
ақыҭанхамҩатә аалыҵи, аӡеи, афатәи аазрыхуа иманшәалоу акредиттә политикала реиқәыршәара;
-  азинҷыдатә шәахттә политика аԥҵара ақыҭанхамҩатә аалыҵи, аӡеи, афатәи аазрыхуа;
- ақыҭанхамҩатә аалыҵи, аӡеи, афатәи рзы аҩныҵҟатәи аџьармыкьа ахьчара.

Азакәанапроект алацәажәара иалахәын аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Артуш Сарибекиан,  Аԥсны Ахада Иадминистрациа аҳәынҭқарра-зинтә политика аусбарҭа аиҳабы Наҭела Ломиа.
Аграртә политикеи, аҧсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак алахәцәа ирыӡбеит ари азакәанапроект аус адулара ацҵара.
Анаҩс адепутатцәа ахәаԥшит «Агеодезиатәи ахсаалаҩыратәи аусуреи анаӡааӡаратә рбагақәеи рзы» азакәан апроект, агеодезиатәи ахсаалаҩыратәи усура аусхк аҟны аизыҟазаашьақәа ҳәаақәызҵо, анаӡааӡаратә рбагақәа рыԥшаара, реизгара, рыҵәахра, аус рыдулара, анаӡааӡаратә рбагақәа рыҭареи рыларҵәареи надкыланы, аинформациатә система ахархәареи уи иадҳәалоу «Аԥсны Аҳәынҭқарра азкәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы» азкәанапроектгьы уахь иналаҵаны.

Арҭ азакәанԥҵаратә аԥшьгарақәа рылацәажәара иалахәын «Аҳәынҭқарратә кадастртә палата» Аҳәынҭқарратә усбарҭа адиректор Ҭемыр Сангәлиеи Адгьылхархәареи акадстри рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Адамыр Аҳәба.
Аихшьалақәа рыла адепутатцәа азыӡба рыдыркылеит Апарламент ааигәа имҩаԥысраны иҟоу асессиа аилатәараҟны аҩбатәи аԥхьараан адкылара рабжьгазааит ҳәа.