НОВОСТИ

Абҵарамза 26 - Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа иамшуп
26.11.2022
Поделиться в соцсетях:

Абҵарамза 26 - Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа иамшуп

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны атәылауаа Аконституциа амш рыдиныҳәалеит.

Адныҳәалара атекст аҟны иҳәоуп:

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Аҧсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа амш!
Иахьа аус зуа Аконституциа рыдыркылеит 1994 ш. абҵарамза 26 рзы Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет асессиаҟны. Ари аҭоурыхтә рыцхә ҳҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы акырӡа зҵазкуа аамҭоуп.
Аконституциа 1992-1993 шш. Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иаҳгаз аиааира алҵшәақәа шьақәнарӷәӷәеит.
Аҧсны Аҳәынҭқарра исуверентәу, изинтәу ҳәынҭқарраны ирылазҳәаз Аконституциа ҳажәлар ртәылауаҩратә зинқәеи рхақәиҭрақәеи, уи адгьылҵакыра акзаареи, акьымсреи рзы хәдықәҵара зуа акәны иҟалеит.
Иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи апозициақәа арӷәӷәоит, иамоу аҩныҵҟатәи алшарақәа рырҿиара иаҿуп.
Ҳара иаҳуалуп Аконституциаҟны иарбоу анормақәа зегьы рдырра, рықәныҟәара, аекономикеи асоциалтә ҟәшеи ҭышәынтәаланы рыҿиара, аҳәынҭқарраҟны иҵоуроу аиҭакрақәа рымҩаԥгара ацхраара.
Аамҭа аҽаԥсахуеит, Аконституциа зыԥсы ҭоу аорганизм аҳасабала ауаажәларра рыԥсҭазаараҟны имҩаԥысуа аиҭакрақәагьы аныԥшуазароуп.
Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламенти, анагӡаратәи, аӡбаратәи мчхареи, ауаажәларреи еидгыланы абри аганахьала аусурақәа мҩаԥыргоит.  

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, ҳҳәынҭқарразы акрызҵазкуа амш шәыдныҳәало, гәык-ԥсык ала зегьы ишәзеиӷьасшьарц сҭахуп аизҳазыӷьара, ҳаԥсадгьыл аҿиара, аизҳара иазку ахықәкқәа рынагӡараҟны аихьӡара ҿыцқәа!