НОВОСТИ

Виачеслав Володин 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит
01.12.2022
Поделиться в соцсетях:

Виачеслав Володин 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра официалла аҭаараан УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин 1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны иҭахаз аибашьцәа рыхьӡала Аҟәа ақ. аҟны Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны абаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Ашәҭшьҭаҵара аусмҩаԥгатә далахәын Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума аделегациа алахәцәеи егьырҭ аофициалтә хаҿқәеи.