Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба имҩаԥигеит Виачеслав Володин напхгара зиҭо Аԥсны Аҳәынҭқарра официалтә визитла иаҭааз УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума аделегациа злахәыз инарҭбаау аиԥылара.
Аиԥылара иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент VII ааԥхьара адепутатцәа.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Аиқәшаҳаҭра Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыжәларқәа рыбжьара традициала иҿио аиҩызаратәи аидгыларатәи еизыҟазаашьақәеи аилибакаареи аусеицуреи рырӷәӷәара иацхраауеит.
Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Аганқәа русеицура аиҿкаареи арҭбаареи рзы иаԥырҵоит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламенти УА Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара аусеицура иазку иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа Акомиссиа. Уи шьақәгылоит еиҟароу ахаҭарнакра шьаҭас иаҭаны.
ПОПУЛЯРНОЕ
НОВОСТИ

01.12.2022
Поделиться в соцсетях: