НОВОСТИ

 Апарламент Аилак аҟны атәылахьчара азҵаара иалацәажәеит
07.12.2022
Поделиться в соцсетях:

Апарламент Аилак аҟны атәылахьчара азҵаара иалацәажәеит

Апарламент аҟны имҩаԥысит Ҭемыр Шергелиа хантәаҩра ззиуаз Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак инарҭбаау аилатәара. Уи далахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ    Сергеи Пустовалов.

Аилатәара иалахәын иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, уи ихаҭыԥуаҩ Нодар Аҩӡба, Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра Аштаб хада аиҳабы Владимир Савченко.
Иалацәажәеит атәыла ашәарҭадаратә ҭагылазаашьеи арратә лшареи.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр, амобилизациатә зыҟаҵара аиӷьтәразы заатәи ахәшьареи абжьгарақәа разырхиареи рымҩаԥгаразы аусуратә гәыԥ анапхгаҩы Сергеи Пустовалов адепутатцәа адырра риҭеит иахьазы имҩаԥгоу аусуразы.

Адепутатцәа рҿаԥхьа иқәгылаз Атәылахьчара аминистрра анапхгаҩцәа инарҭбааны атәыла ахьчареи ашәарҭадареи инарымаданы иҟоу аҭагылазаашьа атәы иазааҭгылеит.
Аилатәара иалахәыз алацәажәеит адәныҟаполитикатә ҭагылазаашьа аныцәгьаха, ареспублика ашәарҭадара алыршара, иара убас абри аусхк аҟны азакәанԥҵара аиӷьтәра иадҳәалаз азҵаарақәа.