НОВОСТИ

Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәеи еишьашәалоу апарламенттә еилакқәа русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит
09.12.2022
Поделиться в соцсетях:

Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәеи еишьашәалоу апарламенттә еилакқәа русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит

Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба усуратә визитла Аԥсны иҟоу Аҳәынҭқарратә Дума адепутаттә гәыԥ Аиҿкааҩ, атәылахьчаразы Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Андреи Картаполов дызлахәыз аиԥылара мҩаԥигеит.

Аиԥылара иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак алахәцәа: Ҭемыр Шергелиа - Аилак ахантәаҩы, Фазлыбеи Аҩӡба – Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, адепутат Асҭамыр Герхьелиа.

Апарламентари алацәажәеит 2022 шықәса ԥхынҷкәынмза 1 азы Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володини рнапы зҵарҩыз Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра анагӡара ахәҭаҟны аусеицура иадҳәалоу ауснагӡатәқәа жәпакы.

Ҷыдала, адепутатцәа хшыҩзышьҭра арҭеит атәылахьчареи ашәарҭадареи русхк аҟны аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рзы иакуталтәу азҵаарақәа.