НОВОСТИ

Лаша Ашәба Сократ Џьынџьал Ииубилеи идиныҳәалеит
11.12.2022
Поделиться в соцсетях:

Лаша Ашәба Сократ Џьынџьал Ииубилеи идиныҳәалеит

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата ауаажәларратә диалоги аҭыԥантәи ахаланапхгареи рзы Акомиссиа ахантәаҩы С. Р. Џьынџьал ииубилеитә рыцхә идиныҳәалеит.

"Ҳаҭыр зқәу Сократ Раҷ-иԥа!
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит 85-шықәса шәхыҵра амш!
Иахьа Шәара Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны хьӡи-ԥшеи змоу иналукааша аполитикцәа шәыруӡәкуп.  

Шәеицырдыруеит ҳреспулика аҩныҵҟеиԥш, уи анҭыҵгьы. Шәара Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ааԥхьарақәа ҩба рыҟны депутатс шәыҟан, уи напхгарагьы ашәҭон 1994 шықәса инаркны 2002 шықәсанӡа. Ҳәарада, Апарламенти Аиҳабыреи рыҟны шәусура акыр иуадаҩыз аамҭақәа рзы имҩаԥысуан -  1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи имариамыз аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәеи ирықәшәеит.
.Аполитикаҟны Шәара шәцәырҵит ишәыз, аԥышәа змаз анапхгаҩы иаҳасабала. Ишәывагыланы аус шәыцызуаз шәҩызцәеи Шәареи иахьатәи аԥсуа ҳәынҭқарра аԥҵараҟны шәылшамҭақәа рацәоуп.
Иҟәыӷоу, аиаша иадгылоу, ахара инаԥшуа аполитик, ахҭысқәа рыҿиашьа азԥхьагәаҭара, еиуеиԥшым апроблемақәа дипломатиатә мҩала рыӡбара зылшо – абас ишәыхцәажәоит шәыздыруа зегьы, шәколлегацәа, шәнапы злакыз аус иацызҵо иахьатәи ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩцәа.
Шәара есқьынгьы ҳтәылауаа ргәы иҵхо, еиҳа иҵарны иқәгылоу азҵаарақәа рзы аиҿцәажәара шәазхиоуп. Шәара шәпатриотизм, шәыуаҩра, обиективла азҵаара азнеира реиԥш иҟоу шәҟазшьа аҷыдарақәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата анаԥҵаз аахыс шәызлоу аиҿкаараҟны аҵак ду амоуп.  
Шәлагаламҭа дууп аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи рыҟны, Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟаз икоммерциатәым аиҿкаара «Евразиатәи аҭҵаарақәа ринститут» аҿиара афонд афилиал анапхгаҩы иаҳасабала, хаҭала аԥсны-урыстәылатәи аекономикатәи агуманитартәи форумқәа рылахәхарала. Ауаажәларра рҿаԥхьа шәылшамҭақәа рзы Шәара ишәанашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡареи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҩызара аордени.
Шәыԥсҭазааратә принципқәа рахьтә ихадараны иҟоуп – азакәан ҳаҭыр ақәҵареи амилаҭә ҵасқәа реиҷаҳареи. Ҳара ҳзы ҷыдала аҵак ду амоуп Апарламент ароль азы шықәсқәак раԥхьа ишәҳәаз ажәақәа: «Ари закәанԥҵаратә усбарҭа мацараны акәӡам, ари - атәыла алахьынҵа аӡбаразы ажәлар ишәырҭаз азин ала хшыҩеилаҵароуп».

Ҳаҭыр зқәу Сократ Раҷ-иԥа! Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, ахирра!